Print this page

Маи 24 рзы А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҟны имҩаԥысит астудентцәа ркурстә усумҭақәа рыхьчара

24 Лаҵара 2019 277

Маи 24 рзы А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҟны имҩаԥысит астудентцәа ркурстә усумҭақәа рыхьчара.

«Асахьаркыратә ҵараиурҭа сыԥсҭазаараҟны аҭыԥ ду аанакылоит, сылаԥшҳәаа арҭбаауеит, сдыррақәа азнырҳауеит. Сара еснагь сазҿлымҳауп сусумҭақәа рзы сырҵаҩцәа ргәаанагара, урҭ рзыӡырҩра сеизҳара иацхраауеит. Араҟа ҳара иаҳдырҵоит аҿыханҵа, акомпозициа, асахьа. Сгәы азҳауеит араҟа аҵара ахьысҵо», - иҳәеит III акурс астудент Анатоли Канчалов.

Иахьа аҵараиурҭа раԥхьатәи аԥсуа сахьаҭыхыҩ ҟаза, аҟазараҭҵааҩ, акритик, Петербурги Москвеи ртеатқәа рысценаҩычатә ҟазара ԥымкрада зыхьӡ адҳәалоу Алеқсандр Чачба ихьӡ ахыуп.

«Даара сеигәырӷьоит ҳҵараиурҭаҟны агәырҵҟәыл змоу астудентцәа ахьырацәоу. Сынтәа ҳара 25-ҩык аушьҭымҭацәа ҳамоуп. Агәра згоит урҭ рҵара иацырҵап, ауниверситет иҭалоугьы ҟалап ҳәа, избанзар урҭ даара ҭакԥхықәрала рзанааҭ иазнеиуеит», - иазгәеиҭеит А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба.

Last modified on Maandag, 27 Лаҵара 2019 12:57